Иан Липавски – Путин иагрессиа ҿаасҭа лабҿаба аанарҧшит ҳара Қырҭтәылеи ари агрессиа здызкьысло егьырҭ атәылақәеи иаҳа рыцхраара шҳахәҭоу
«Урыстәылантә иарбанызаалак асценари ҟалар ауеит, убри аҟынтә, апартниорцәа зегьы Қырҭтәыла иаҳа ацхраареи ахыхьчаралшара аизырҳареи иазҿлымҳазароуп», — иҳәеит Чехиа адәныҟатәи аусқәа рминистр ақырҭуа иколлегеи иареи реиҧылара ашьҭахь еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.
Чехиа адипломат хада атәылақәа реизыҟазаашьақәеи русеицуреи далацәажәеит.
«Қырҭтәылеи Чехиеи реизыҟазаашьақәа ссируп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ҳдипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит аимадара ҕәҕәа ашьаҭала. Уажәы ҳаҧхьаҟа ҳаҧшыроуп, ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа иаҳа изырҕәҕәаша аидеиа ҿыцқәеи аҽазышәара ҿыцқәеи рыла. Қырҭтәыла қәҿиарала ареформақәа рымҩаҧгара апроцесс нанагӡароуп. Акандидат астатус аиуразы Евроеидгыла 12 абжьагарақәа рынагӡарагьы аҵакы ду амоуп. Қырҭтәыла аполитикатә ҧсҭазаараҿы аполиаризациа ирмаҷтәуп, иҕәҕәоу, иҭышәынтәалоу аполитикатә институтқәа еиҿкаатәуп, акандидат астатус аиуразы абарҭ азҵаарақәа ахадаратә ҵакы рымоуп. Иахьазы иҟоу алҵшәа апрогресс аҟынӡа шәнанагоит. Қырҭтәылеи Чехиеи рпринципқәа еиҧшуп, Европа иадҳәаланы ҳхәаҧшырақәа еиҧшуп. Ҳара аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҳбар ҳҭахуп», — иҳәеит Иан Липавски.