Иаго Хвичиа – Сара «Амилаҭтә ҵысра» аилаҳара сазыразуижьҭеи акрыҵуеит
«Сара «Амилаҭтә ҵысра» аилаҳара сазыразуижьҭеи акрыҵуеит. Ника Мелиа сгәы ихшәеит, избанзар, иара уажәраанӡагьы ари ашьаҿа ҟаиҵар акәын», — иҳәеит апартиа «Гирчи» алидерцәа иреиу Иаго Хвичиа.
Хвичиа ишиҳәаз ала, Ника Мелиа «Амилаҭтә ҵысра» уажәтәи анапхгара акритика рзиуижьҭеи акрыҵуеит, уи зегьы ирдыруеит.
«Ника Мелиа, ауаа иманы, «Амилаҭтә ҵысра» даналҵуа сазыҧшуп. «Амилаҭтә ҵысра» аоппозициаҿы аҧхьагылара амоуп, аха, аиааиразы уи азхом. Убри аҟынтә, сара аоппозициатә мчқәа Амилаҭтә ҵысра аҟынтә егьырҭ амчқәа рахь рдеконцентрациа сақәшаҳаҭуп. «Амилаҭтә ҵысра» аҧхьагыларала апартиақәа зегьы еидҵазароуп ҳәа ирҳәо сақәшаҳаҭым, уи — аҵахаратә позициоуп», — иҳәеит Хвичиа.