Иаауа амчыбжь азы Қырҭтәыла даҭаауеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыԥуаҩ
Иаауа амчыбжь азы Қырҭтәыла даҭаауеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыԥуаҩ

Иаауа амчыбжь азы Қырҭтәыла даҭаауеит аполитикатә-шәарҭадаратә зҵаарақәа рзы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыԥуаҩ, Кавкази Агәҭанытәи Азиеи рҿы Нато ахаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина.

“Қырҭтәыла санбаауеишь ҳәа сазыԥшуп. Кавкази Агәҭанытәи Азиеи рҿы Нато ахаҭарнак ҷыда иаҳасаб ала Азербаиџьани, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи сырҭаауеит,” – иҩит Хавиер Коломина “Твиттер” аҿы.