Иаанкылоу адырраҭара
Иаанкылоу адырраҭара

Аԥыза-министр имхреи ацәгьауцәа рхьырхәреи аҳәарала ԥшьтелехәаԥшрак адырраҭара 24 сааҭк рыла иаҟәыҵит.

Ателехәаԥшрақәа “Пирвелии”, “Мҭавари архии”, “Формулеи”, “Кавкасиеи” рефир аҿы анбан шкәакәала  ԥхынгәы 5 рзы аахақәа зауз аоператорцәеи ажурналистцәеи рыхьӡқә ахьану афон еиқәаҵәа иубарҭоуп. Аҿагыларатә акциақәа еиҿызкааз ателехәаԥшрақәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, иашьҭанеиуа акуциа ԥхынгәы 17 рзы мҩаԥыргоит.