Иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла хьшәашәарахоит, аамҭа-аамҭала ақәа ауеит
Иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла хьшәашәарахоит, аамҭа-аамҭала ақәа ауеит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла хьшәашәарахоит, аамҭа-аамҭала ақәа ауеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, мшаҧы  29 рзы Қарҭ шьыбжьон аҳауа атемпература каҳауеит  +8, +10 градус аҟынӡа. Анеҩстәи амшқәа рзы ақәа ауеит, аха, атемпература шьҭыҵуеит  +18, +20 градус аҟынӡа.

Аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы мшаҧы  30 инаркны ақәа ауеит.  +13, +15 градус ҧхаррахоит. Лаҵара  1 инаркны аҳауа атемпература иҵегьы ишьҭыҵуеит.