Иԥсҭазаара далҵит Гела Чарквиани
Иԥсҭазаара далҵит Гела Чарквиани

82 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ақырҭуа дипломат,апублицист, ашәҟәыҩҩы, апедагог, ателеамҩаԥгаҩ Гела Чарквиани.

Гела Чарквиани икариера Қырҭтәыла ателехәаԥшрантә алагеит, уи 1976 шықәса инаркны 1994 шықәсанӡа автортә дырраҭара дахагылан. 1984 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа Қырҭтәыла акультуратә еизыҟазаашьақәа вице-презилентс далхын. 1980-тәи шықәсқәа рзы, иара убас 1990-тәи шықәсқәа ралагамҭаз Гела Чарквиани ихы алаирхәит ЕАШ, Џьорџьиатәи аштат аиҳабыреи Қырҭтәыла аиҳабыреи рыбжьара аимадарақәа рыбжьаҵара аус.

1992-2003 шш. рзы Чарквиани адәныҟатәи азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла ахада Едуард Шеварднаӡе ибжьагаҩс дыҟан. 2005 шықәсазы Британиа дуи Ирландиеи рҟны Қырҭтәыла хаҭарнакс, 2006 шықәса инаркны ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. 2011 шықәса инаркны адипломатиатә усзура ихиркәшеит.