Иԥсҭазаара далҵит апоет, ашәҟәыҩҩы Гиви Гаханзар, – аарыцҳаит Ашәҟәыҩҩцәа рыҩны аҟынтә.
Гиви Гаханзар диит 1933 шықәса нанҳәа 23 рзы, Қарҭ. Далгеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет мрагылараҭҵааратә факультет.
Ақырҭуа бызшәахь раԥхьаӡатәи иеиҭагақәа икьыԥхьын 1952 шықәсазы.
Ианашьан алитературатәи аҳәынҭқаратәи ҳамҭақәеи аԥхьахәқәеи рацәаны.