Иԥсҭазаара далҵит Папа Римтәи Франциск
Иԥсҭазаара далҵит Папа Римтәи Франциск

88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Папа Римтәи Франциск,  – аарыцҳаит Ватикан аҟынтә.

Акардинал Хорхе Марио Берголио акатоликтә уахәама аԥхьагылаҩс далырхит 2013 шықәса хәажәкыразы, Папа Бенедикт XVI инапынҵақәа анышьҭеиҵа ашьҭахь.

Папа Римтәи Франциск агәаҵәыхь цәгьа иман, уи Римтәи Џьемелотәи ахәшәтәырҭа жәабан 14 рзы дышьҭарҵеит.