Ҳуберт Қнырш  - Уаҵәы сара Европа ашҭаҿ сыҟазаауеит
Ҳуберт Қнырш - Уаҵәы сара Европа ашҭаҿ сыҟазаауеит

Уаҵәы сара Европа ашҭаҿ сыҟазаауеит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҳуберт Қнырш.

Ари аҳәамҭа Қнырш Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз ааԥхьара иаҭакны ҟаиҵеит.

“Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили уаҵәы, рашәара 16, асааҭ 19 рзы ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟалҵеит Европа ашҭаҿ Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥш адгыларазы еизарц. Уаҵәы саргьы Европа ашҭаҿ сыҟазаауеит”, – иҳәеит Қнырш.