Ҳуберт Книрш – Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәыла жәларбжьаратәи асанкциақәа ишрықәныҟәо,  Қырҭтәыла  аҵакырадгьыл ала жәларбжьаратәи асанкциақәа рывсра зыҟалом
Ҳуберт Книрш – Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәыла жәларбжьаратәи асанкциақәа ишрықәныҟәо,  Қырҭтәыла  аҵакырадгьыл ала жәларбжьаратәи асанкциақәа рывсра зыҟалом

«Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәыла жәларбжьаратәи асанкциақәа ишрықәныҟәо,  Қырҭтәыла  аҵакырадгьыл ала жәларбжьаратәи асанкциақәа рывсра зыҟалом», — иҳәеит Германтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҳуберт  Книрш Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

«Қырҭтәыла аиҳабыра ҳрацәажәахьеит, аргама иҟарҵаз аҳәамҭақәа аадыруеит.  Агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәыла жәларбжьаратәи асанкциақәа ишрықәныҟәо,  Қырҭтәыла  аҵакырадгьыл ала жәларбжьаратәи асанкциақәа рывсра зыҟалом. Ари азҵаара аҵакы ду амоуп, ари ахырхарҭала аусеицура наҳагӡоит.

Иара убас, ҳара ибзиаҵәҟьаны иаабоит Қырҭтәыла егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рпозициа ишақәшаҳаҭу. Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи  рыхьчаразы жәларбжьаратәи консенсус арҕәҕәаразы аус еицызуа атәылақәа иреиуп.  Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа аабоит, уи Украина мацараз акәымкәа, Европа зегьы аҭынчреи аҭышәынтәалареи азы шәарҭоуп. Украина жәларбжьаратәи ауаажәларра рҟынтә иахәҭоу ацхыраара аиуроуп. Германтәыла Украина абџьар анаҭоит, ҧаса уи еиҧш акгьы ҟамлацызт. Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа есымша иаҳа-иаҳа иџьбарахоит», — иҳәеит ацхаражәҳәаҩ.