Ҳуберт Книрш – Апартиақәа реиҳара аусеицура атрадициа рымам, абри ауп Евроеидгыла Қырҭтәылаҿ  иабар иаҭаху
Ҳуберт Книрш – Апартиақәа реиҳара аусеицура атрадициа рымам, абри ауп Евроеидгыла Қырҭтәылаҿ  иабар иаҭаху

«12 апунктқәа рыла ишьақәгылоу Евроеидгыла аплан  —  апрограмма дууп, ақырҭуа политикцәа рзы ҳасабтә дууп», —  иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла  ацҳаражәҳәаҩ  Ҳуберт Книрш.

Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа партиақәа реиҳара аусеицура атрадициа рымам.

«Уи шымариам еилыскаауеит. Ақырҭуа партиақәа реиҳара аусеицура аҭрадициа рымам, абри ауп Евроеидгыла Қырҭтәылаҿ  иабар иаҭаху. Апартиақәа реиҳара аусеицура рылшап ҳәа сгәыҕуеит. Европатәи апартиас шәыҟазар шәҭахызар,  зыӡбахәы ҳәоу 12 пунктқәа иазҧхьагәашәҭароуп», — иҳәеит Ҳуберт Книрш.