Heritage Foundation - Қырҭтәыла –  арегулиациақәа рганахьала зегьы реиҳа ибзианы анаплакҩцәа ирызныҟәо атәылақәа иреиуп
Heritage Foundation - Қырҭтәыла –  арегулиациақәа рганахьала зегьы реиҳа ибзианы анаплакҩцәа ирызныҟәо атәылақәа иреиуп

 

«Heritage Foundation  2021 шықәсазы аекономикатә хақәиҭра иадҳәаланы  ицәырнагаз аиндекс инақәыршәаны, Қырҭтәыла , аекономикатә хақәиҭра аиндекс аҿы  77,2  абаллқәа рыла,  адунеи аҿы 12-тәи аҭыҧи, европатәи арегион 45 ҳәынҭқарра рыбжьара  7-тәи аҭыҧи ааннакылоит», —  ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистрра.

Ҵыҧхтәи арбагақәа раасҭа, сынтәа Қырҭтәыла,  ареитинг 5 компонентк рҿы ахатә арбагақәа еиҕьнатәит.

Аҳасабырба иашану ала, Қырҭтәыла имҩаҧгаз ареформақәа рыбзоурала, атәылаҿы акоррупциа аҩаӡара лаҟәхеит, арегулиациақәа рырҧсыҽреи ашәахтәқәҵара армариареи рылшеит, уи аекономикатә хақәиҭраҿы апрогресс ахылҿиааит.

Иара убас, аҳасабырбаҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла –  арегулиациақәа рганахьала зегьы реиҳа ибзианы анаплакҩцәа ирызныҟәо атәылақәа иреиуп, атәылаҿы  абанк /афинанстә  сектор  азҳара иаҿуп, афинансқәа раиура