Ҳельсинктәи акомиссиа – Аҳәынҭқарратә департамент ақырҭуа ачынуаа асанкциақәа рзышьақәыргылара иалагароуп, европатәи ҳадгылаҩцәагьы абасҵәҟьа иҟарҵарц рыбжьаагоит
Ҳельсинктәи акомиссиа – Аҳәынҭқарратә департамент ақырҭуа ачынуаа асанкциақәа рзышьақәыргылара иалагароуп, европатәи ҳадгылаҩцәагьы абасҵәҟьа иҟарҵарц рыбжьаагоит

Аҳәынҭқарратә департамент  арепрессиақәа реиҿкааразы аҭак зыҧхықәу  Қарҭ ахадеи,  аҩныҵҟатәиа усқәа рминистри, егьырҭ ачынуааи  ақырҭуа ачынуаа асанкциақәа рзышьақәыргылара иалагароуп, – иануп Ҳельсинктәи акомиссиа ахантәаҩы Џьо Уилсон иҳәамҭаҿы.

Уилсон иажәақәа рыла, «Қырҭтәыла де-факто аиҳабыра адемократиазы апретензиақәа рымам, акгыь зхарам активистцәеи аҭынчратә оппозициа алахәылацәеи  раанкылара иалагеит».

«Лабҿаба иубарҭоуп  «Ақырҭуа гәахәтәы» Кремль астильла адиктатортә тактика  рхы ишадырхәо. Америка аиҳабыра иахәҭоу ақәҿыҭра ҟарҵароуп, акгыь зхарам ақырҭуаа изыргәаҟуа, гәымбылџьбарала ирызныҟәо ачынуаа зегьы ахьырхәра рыҭатәуп.  Зыҧшра ҟамҵакәа иахәҭоу ашьаҿақәа ҟаҳамҵар,  «Ақырҭуа гәахәтәы» амчыларатә кампаниа иацырҵоит, ари атәылаҿ жәашықәсала иаҳамбац аҩаӡара аҟынӡа инеиуеит. арепрессиақәа реиҿкааразы аҭак зыҧхықәу  Қарҭ ахадеи,  аҩныҵҟатәиа усқәа рминистри, егьырҭ ачынуааи  ақырҭуа ачынуаа асанкциақәа рзышьақәыргылара иалагароуп, европатәи ҳадгылаҩцәагьы абасҵәҟьа иҟарҵарц рыбжьаагоит, – иануп Ҳельсинктәи акомиссиа ахантәаҩы Џьо Уилсон иҳәамҭаҿы.