Ҳавиер Коломина – Қырҭтәыла Вашингтонтәи асаммитахь ааҧхьара аиуеит ҳәа сгәы иаанагоит, изакәытә аҩаӡараҟны макьана исыздырӡом, аха, ааҧхьаразы амзызқәа зегьы иҟоуп
Ҳавиер Коломина – Қырҭтәыла Вашингтонтәи асаммитахь ааҧхьара аиуеит ҳәа сгәы иаанагоит, изакәытә аҩаӡараҟны макьана исыздырӡом, аха, ааҧхьаразы амзызқәа зегьы иҟоуп

«Ҳара вашингтонтәи асаммит ашҟа апартниорцәва рааҧхьара макьана ҳаламцәажәацт, ари асаммитаҿ аҧыжәара заҳҭаша азҵаарақәа мацара рылацәажәара ҳалагеит», — иҳәеит  Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер  Коломина.

Коломина ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла вашингтонтәи асаммитахь ааҧхьара аиуеит ҳәа игәы иаанагоит.

«Уажәазы ишәасҳәар сылшоит ҳара Украина ацхраара азҵаара ҳшазааҭгыло,  атәылахьчареи аанкылареи иазку аӡбарақәа аус рыдааулоит. Иара убас,  аладаҿгьы ҳпартниорцәа аус рыцаауеит,  уажәы уи актуалтә ҵакы амоуп.  Ишшәасҳәаз еиҧш,  вашингтонтәи асаммитахь ааҧхьара зауа макьала исызшәаҳәом.  Аидгылаҩцәа роуп аӡбара здызкылаша. Қырҭтәыла Вашингтонтәи асаммитахь ааҧхьара аиуеит ҳәа сгәы иаанагоит, изакәытә аҩаӡараҟны макьана исыздырӡом, аха, ааҧхьаразы амзызқәа зегьы иҟоуп. Ааҧхьара иреиҳаӡоу аҩаӡараҟны акәу аминистр иҩаӡараҟны акәу макьана исызшәаҳәом, аха, асаммит аҿы Қырҭтәыла ахаҭарнак дҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Коломина.