“Ҳамас” атҟәараҿ иҟаз хҩык израильтәи атҟәацәа рыуацәа ирԥылеит. Ари зныԥшуа афото/видео материалИзраиль аԥыза-министр Бениамин НЕҭаниаҳу асоциалтә ҳаҿы алаирҵәеит.
Дорон Штаинбрехер, Емили Дамар, Роми Гонен Теот Ҳашомертәи аклиникаҿ иҟоуп. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла, рҭагылазаашьа бзиоуп.
Хҩык израильтәи атҟәацәа “Ҳамас” атҟәараҿы 471 мшы иҟан. Урҭ иоурыжҭит Израиль аиҳабыра Газа асектор аҿы ахымца аанкылареи атҟәацәа рхақәиҭтәреи рзы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара ашьҭахь. Аиқәшаҳаҭра амч аиуит ажьырныҳәа 19 рзы.