Ҳакан Фидан – Алхрақәа рышьҭахь Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа даҽазнык аанарҧшит арегионаҿ абаланс шыҕәҕәам, ахҧатәи аган аҽалагалара аҭагылазаашьа иаҳа иарцәгьар ауеит
Ҳакан Фидан – Алхрақәа рышьҭахь Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа даҽазнык аанарҧшит арегионаҿ абаланс шыҕәҕәам, ахҧатәи аган аҽалагалара аҭагылазаашьа иаҳа иарцәгьар ауеит

«Рыцҳарас иҟалаз,  апарламенттә алхрақәа рышьҭахь Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа даҽазнык аанарҧшит арегионаҿ абаланс шыҕәҕәам», — иҳәеит Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ҳакан Фидан  Ҭырқәтәыла Амилаҭтә аизара дуӡӡа аҿы данықәгылоз.

Ҳакан Фидан иҳәамҭала, ахҧатәи аган аҽалагалара Қырҭтәылаҿ аҭагылазаашьа иаҳа иарцәгьар ауеит.

«Сынтәа ҳара, аконкреттә проектқәа рыбзоурала, арегионалтә усеицура 3+3 аплатформа аус адулареи аинтернализациеи ахырхарҭала апрогресс ҳаман, уи алагьы иубарҭоуп ҳара арегионалтә ҭакҧхықәра ду шҳаду шеилаҳкаауа«, — иҳәеит Ҳакан Фидан.

Иара иажәақәа рыла, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыбжьара аҭынчра аиқәыршәара апроцесс аҵыхәтәантәи астадиа иҭагылоуп. Ҳарак ишиҳәаз ала, Анкара, Бақәеи Еревани рыбжьара аҭынчратә процесс иадгылоит.