Гурам Маҷарашвили – NDI апарламенттә алхрақәа ирыцклаҧшуеит ҳәа рҳәеит, аха, аамҭакала, ари аиҿкаара арадикалтә оппозициаа ралхратә кампаниа аҧара аланаҵоит
Гурам Маҷарашвили – NDI апарламенттә алхрақәа ирыцклаҧшуеит ҳәа рҳәеит, аха, аамҭакала, ари аиҿкаара арадикалтә оппозициаа ралхратә кампаниа аҧара аланаҵоит

«NDI  арадикалтә оппозициа рхымҩаҧгашьа иазыразуп,  иаартны ралхратә кампаниа иадгылоит», — иҳәеит апартиа  «Ажәлар рымч» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ  Гурам Маҷарашвили.

Маҷарашвили иҳәамҭала, алхрақәа раан  «аобиективтә анаҧшҩыс аҟазаара амбициа умазар» аоппозициаа  ралхратә кампаниа аҧара алаҵара ҟалом.

«Иаҳҳәо зегьы хәыҷы-хәыҷла ашаҳаҭгақәа аиуеит  — NDI апарламенттә алхрақәа ирыцклаҧшуеит ҳәа рҳәеит, аха, аамҭакала, ари аиҿкаара арадикалтә оппозициаа ралхратә кампаниа аҧара аланаҵоит. Шәара жәларбжьаратәи аиҿкаара шәакәзар,  аобиективтә анаҧшҩыс аҟазаара амбициа шәымазар, арадикалтә оппозициаа ралхратә компаниа аҧара алашәҵар ҟалома? Абри аҩыза ашаҳаҭгақәа шаҟа ирацәахо аҟара, алхра аҟаҵара мариахоит», — иҳәеит  Гурам Маҷарашвили.

Ишдыруа ала,  аҳәса депутатцәа арегионқәа рҿы ауааҧсыра рҟны аиҧыларақәа мҩаҧыргоит. Ишдыруа ала, ари акампаниа мҩаҧысуеит Амилаҭтә демократиатә институти  (NDI)  Британиа Ду аиҳабыреи рфинанстә цхыраарала.