Гудаури-Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп
Гудаури-Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп

Арыцқьаратә усурақәа рыбзоурала, Кобии Гудаурии еимыздо амҩатә цыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра Автомобилтә мҩақәа рдепартамент.

Аинформациа ишану ала, аиҭаҵра ҟалоит асыҧса аҽыхьчаратә хыҵхырҭақәа мацара рыла, хырхарҭак ала. Аиҭаҵра иахылаҧшуеит апатрультә полициа.