Лаҵара 30 рзы Қырҭтәыла иаҭаауеит алегендартә рок-гәыҧ Guns N’ Roses. Апроект Starring Georgia аҳәаақәа ирҭагӡаны Қарҭ иаауа ари агәыҧ иқәгылоит апарк Цицинаҭелаҿ.
Абилеҭқәа рыҭира иалагеит асаит tkt.ge. аҿы.
«Абилеҭқәа 280 лари инаркны 1000 лари аҟынӡа иаҧсоуп, аха, Starring Card змоу ахәаҧшцәа рзы абилеҭқәа рыхә 20%-ла имаҷхоит. Ари ажәалагала амч амоуп жәабран 1-нӡа.
Уаҩҧсык 4 билетҭк иреиҳаны изаахәом», — иануп аконцерт аиҿкааҩцәа иҟарҵаз аҳәамҭаҿы.