Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы Григол Лилуашвили Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган дылҧылеит.
Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа, ашәарҭадара аусхкы аҿы Қырҭтәылеи Америкеи рпартниортә еизыҟазаашьақәа рҵакы азгәаҭаны, аусеицура арҕәҕәареи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.
Григол Лилуашвили Робин Данниган Қырҭтәылаҿ адипломатиатә миссиа алагара лыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит.
Америка ацҳаражәҳәаҩ Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы ҭабуп ҳәа иалҳәеит ашәарҭадара аусхкы аҿы аусеицуразы.
Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура апресс-маҵзура.