Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Григол Лилуашвилии Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии Шиндиси ақыҭа ааигәара 2008 шықәса нанҳәа 11 рзы иҭахаз афырхацәа рыхьӡ аҳаҭыр ақәырҵеит.
“Ари аҭыԥ ахмеигӡара иасимволуп, ҳҿар ара иааны, ҳфырхацәа рҭоурых еилыркаароуп. Ари ҳаинаалара шьаҭас ҟалароуп, аԥсуааи ауаԥсааи ҳаиашьцәеи ҳареи аицынхара ҳалшоит, ари амш хымԥада аауеит,” – иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Григол Лилуашвили.
Григол Лилуашвили иҭахаз афырхацәа рҭаацәара алахәылацәа дрыдашшылеит. 2008 шықәса нанәа 11 рзы Урыстәыла арратә хәҭақәа рабашьраан шиндистәи ақәԥараан иҭахеит 17-ҩык Қырҭтәыла арратә хәҭақәа рхаҭарнакцәа.