Грегори Микси Маикл Макқоли – Аполитикатә ганқәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Ника Мелиа иус иахылҵыз ахҭысқәа ҭынч мҩала аҭыԥқәҵаразы аконструктивтә диалог иалагарц
Америкатәи аконгресс ахаҭарнакратә палата адәныҟатәи акомитет ахантәаҩы, адемократ Грегори Микси ареспубликатәи апартиа хаҭарнак Маикл Макқоли Қыртәыла ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазку аҳәамҭа ҟарҵеит. Аҳәамҭа́ аланарҵәеит «Америка абжьы».
Аконгрессменцәа аполитикатә ганқәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит Ника Мелиа иус иахылҵыз ахҭысқәа ҭынч мҩала аҭыԥқәҵаразы аконструктивтә диалог иалагарц.