Гоча Лорҭқиԥаниӡе Ашьауӷа зин азы жәларбжьаратәи аӡбарҭа аӡбаҩс далырхит.
Аинформациа Гаагатәи аӡбарҭа авебдаҟьа ианылеит.
Ԥхынҷкәын 18 рзы Қырҭтәыла Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Гьаргь Гахариа апарламент адигалеит аиҳабыра реилазаара. Аиҳабыра реилазаараҿы аҧсахра заҵәык ҟалеит — аиустициа аминистр иҭыҧ азы кандидатс дықәдыргылеит Гоча Лорҭқиҧаниӡе.
Гоча Лорҭқиҧаниӡе 2013 шықәса инаркны Қырҭтәыла Аиустициа аминистр лхаҭыԥуаҩс аус иуан. 1991-2005 шш. рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ аус иуан, Қырҭтәыла Аԥыза-министр ибжьагаҩс дыҟан, 2007-2010 шш. рзы Колумбиатәи ауниверситет аҿы аҭҵааҩс аус иуан, 2010-2013 шш. рзы Колумбиатәи ауниверситет аҿы адиункт-профессорс дыҟан.