Гоча Лорҭқиԥаниӡе Гаагатәи аӡбарҭа аппелиациатә палата хантәаҩыс далхуп
Гоча Лорҭқиԥаниӡе Гаагатәи аӡбарҭа аппелиациатә палата хантәаҩыс далхуп

Аӡбаҩ Гоча Лорҭқиԥаниӡе Гаагатәи жәларбжьаратәи ашьаустә аӡбарҭа иреиҳаӡоу аструктуратә хәҭа – аппелиациатә палата хантәаҩыс далхуп.

Аинформациа аӡбарҭа аофициалтә саит ианылеит.

Аӡбаҩ Лорҭқиԥаниӡе жәларбжьаратә аиашаӡбаратә процессқәа активла дрылахәуп, уи “Апрокурор Саида Абдель Кан” иус аиҭахәаԥшратә процесс дахагылан, уажәы “Апрокурор Боско Нтаганда” иус аиҭахәаԥшра арепарациа аетап аҿы апроцесс дахантәаҩуп.

Гоча Лорҭқиԥаниӡе Гаагатәи аӡбарҭаҿ аусура далагеит 2021 шықәса мшаԥы 19 рзы. Ари аҭыԥ аҿы Гоча Лорҭқиԥаниӡе актәи ақырҭуа аӡбаҩ иоуп.