Globsec авице-ахада – Украина ирласӡаны акандидат астатус анашьара азҵаара аҧыжәара амоуп, аха, ҳәарада, Қырҭтәылагьы Молдовагьы ари агәыҧ даараӡа иазааигәоуп
«Зеленски диашоуп, амца аанкыларазы аиҿцәажәарақәа иалагаанӡа, цқьа еилкаазароуп Украина агеополитикатә ганахьала иахьыҟазаауа. Уи еилкаахоит Украина акандидат астатус анашьараан», — иҳәеит GLOBSEC авице-ахада Роланд Фрауденштеин.
Иара иажәақәа рыла, Украина ирласӡаны акандидат астатус анашьара азҵаара аҧыжәара амоуп, аха, ҳәарада, Қырҭтәылагьы Молдовагьы ари агәыҧ даараӡа иазааигәоуп.
Роланд Фрауденштеин ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла изныкымкәа Қырҭтәыла иажәылахьеит, Молдова хәҭакгьы Урыстәыла ала импыҵахалоуп, аха, уажәы уаҟа аҭагылазаашьа усҟак ицәгьам, убри аҟынтә, Украина аҧыжәара амазароуп.
Аамҭакала Роланд Фрауденштеин ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла алахәылацәа ари азҵааразы рҳәытәы еиқәшәом.
«Аиҿкаара аҩныҵҟа аконсенсус иҟазароуп. Раҧхьа иргыланы, Қырҭтәыла, Евроеидгыла азинтә статус аиуразы апрогресс ду амоуп, аха, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақырҭуа демократиаҿы, азакәан аиҳаӡараҿы агхақәа иҟан. Уи еилкаауп, аха, Қырҭтәыла аиҳабыра Украинаҿ урыстәылатәи арратә агрессиа иахәҭаз ақәҿыҭра арымҭеит, украинаа уи даараӡа ргәы иалсит. Қырҭтәылеи Украинеи аиҳабыратә аҩаӡараҟны ари азҵаара шырыӡбо сыздырӡом, аха, ҩ-тәылак реиҳабырақәа исериозу аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара рыбжьазгоит», — иҳәеит Роланд Фрауденштеин.