Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иан Гиули Аласаниа лҳәамҭала, Саакашвили деицәахеит, анормалтә медицинатә гәаҭара иҭахуп.
«Ишиҳәаз ала, анормалтә медицинатә гәаҭара изымҩаҧыргар иҭахуп. Дзыцәом, ахыхь даргәамҵуеит, Имаха-шьаха еидысуеит. Аҳақьымцәа иҟоуп. Аневролог дааргеит. Иаргьы абри ауп ииҳәо, анормалтә медицинатә гәаҭара мҩаҧгатәуп. Сара аҳәарак ауп исымоу — аҳақьымцәа нарышьҭааит. Ҳара аҳәаанырцәынтә аҳақьымцәа ааҳгар ҳҭахуп, уи еиҧш алашара ҳарҭароуп», — илҳәеит Гиули Аласаниа, абахҭашҟа днеины, Михаил Саакашвили данылба ашьҭахь.
Гиули Аласаниа ишазгәалҭаз ала, Михаил Саакашвили абахҭа аҭыҵра дахыццакуеит.