Гиви Миқанаӡе Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбарақәа рынагӡаразы акомитетеиҵа хантәаҩыс даҽазынк далырхит
Гиви Миқанаӡе Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбарақәа рынагӡаразы акомитетеиҵа хантәаҩыс даҽазынк далырхит

Қырҭтәыла апарламент Аҵареи, аҵарадырреи аҿар русқәеи рзы акомитет ахантәаҩы Гиви Миқанаӡе Страсбург, Европа ахеилак апарламент аӡынтәи асессиаҿ Ауаҩытәыҩса изинқәа европатәи аӡбарҭа аӡбарақәа рынагӡаразы акомитетеиҵа хантәаҩыс даҽазынк далырхит.

Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, акомитетеиҵа алахәылацәа зегьы Гиви Миқанаӡе икандидатура иадгылан, 2023 шықәсазы инапхгарала инагӡаз аусзура ахәшьара бзиа арҭеит.