Гиви Миқанаӡе - Андреи Касианов иҟаиҵаз аҳәамҭа Қырҭтәыла аибашьра алагалара аҽазкра акәзар ҟалап
«2008 шықәсатәи аибашьра ашьҭахь Украина иҳанаҭаз сыздырӡом. Ишыздыруа ала, иҳарҭаз зегьы аҧара ахшәоуп», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла Гиви Миқанаӡе.
Миқанаӡе Қырҭтәыла иҟоу Украина аамҭалатәи ахаҭарнак Андреи Касианов иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Касианов ишиҳәаз ала, Украина Қырҭтәылантә иаҳәоит 2008 шықәсатәи аибашьраан Қырҭтәыла иарҭаз асистема «Бук» Украина иазырхынҳәырц.
Гиви Миқанаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла наҟ-наҟгьы Украина ахьыҧшымра иадгылоит, агуманитартә ганахьала иацхраауеит, аха, ҽакала ари аибашьра аҽалархәра агәы иҭам.
«Зыӡбахәы ҳәоу асистема аҧара ахшәаны иаахәазар, уи Қырҭтәыла иатәуп. Ҳара еснагь иҳҳәалон аполитикатә ганахьала Украина ҳшадгыло, Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло. Украина агуманитартә цхыраара аҭара наҳагӡоит. Аха, егьи аганахьала, Қырҭтәыла ари аимак аҽалагалара агәы иҭам. Андреи Касианов иҟаиҵаз аҳәамҭа Қырҭтәыла аибашьра алагалара аҽазкра акәзар ҟалап. Қырҭтәыла анапхгара иаҭаху зегьы ҟарҵоит ҳтәылаҿы аҭынчра ахьчаразы», — иҳәеит Гиви Миқанаӡе.