Гиви Ҭаргамаӡе  - Хәажәкыратәи акциақәа раан аполициатә машьына шырблыз иалацәажәон, арҭ амшқәа рзы атәанчахә амшала Париж абжа рыблит, уи иџьоушьаратәы иҟам, амитинг хәыҷқәа алҵшәа рхылҵуам
Гиви Ҭаргамаӡе  - Хәажәкыратәи акциақәа раан аполициатә машьына шырблыз иалацәажәон, арҭ амшқәа рзы атәанчахә амшала Париж абжа рыблит, уи иџьоушьаратәы иҟам, амитинг хәыҷқәа алҵшәа рхылҵуам

«Аихамҩа аадыртыр,  иҟало, насгьы ари апроцесс адетальқәа уҳәа,  абри зегьы баша алацәажәара иаҧсам. Ус егьыҟалоит ажәлар ишахәҭоу еиҧш ари апроцесс иаҿамгылар. Аихамҩа аартра, анеҩс, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара, нас, Ердоҕан даанхар, 3 ганктәи аформат, мамзаргьы, ишиашо 2 ганктәи, нас ганктәи, уаҟа ҳара ҳаҵахоит, дара аиааира ргоит», — иҳәеит  Гиви Ҭаргамаӡе  «ТВ Пирвели» аефираҿ.

Иара иажәақәа рыла, ажәлар ишахәҭоу еиҧш арҭ апроцессқәа иаҿамгылар,  абри зегьы ирласӡаны иҟалар ауеит. Иара иажәақәа рыла, ажәлар апротест дуқәа рзы иазхаша аресурсқәа рымоуп.

«Хәажәкыразы апротест ду ҟаҳҵан, азакәан аҧыхра рықәшәеит.  Хәажәкыратәи акциақәа раан аполициатә машьына шырблыз иалацәажәон, арҭ амшқәа рзы атәанчахә амшала Париж абжа рыблит. Европа зехьынџьара миллионла иаҳа ирацәаны  амашьынақәеи ахыбрақәеи рбылуеит. Европатәи апротест ҭынч имҩаҧысуеит ҳәа зҳәада?  Ақалақь абжьа былтәуп ҳәа акәӡам исҳәо, аха, ус ҟаларгьы,  уи иџьоушьаратәы иҟам, аҭынчратә амитинг хәыҷқәа алҵшәа рхылҵуам», — иҳәеит  Гиви Ҭаргамаӡе.