GiveMeSpor - «Вест Ҳем» Микаутаӡе итрансфераз «Метц» иаднагалеит 20 миллион евро
GiveMeSpor - «Вест Ҳем» Микаутаӡе итрансфераз «Метц» иаднагалеит 20 миллион евро

«Вест Ҳем Иунаитед» Гьарг Микаутаӡе итрансфераз «Метц» иаднагалеит 20 миллион евро, — аанацҳаит  GiveMeSport.

Уажәазы иҟоу аинформациала,  иара убас Микаутадзе  иаахәара иаҿлымҳауп  «Монакои», «Лиони»  «Ланси».

Аҧхынтә трансфер аҳәаақәа ирҭагӡаны,   «Вест Ҳем» анапхгара  ажәыларатә цәаҳәа арҕәҕәара рҽазыркуеит. Микаутаӡе инаиваргыланы, дара егьырҭ авариантқәагьы ирыхәаҧшуеит. Микаутаӡе даархәар,  ржәыларатә цәаҳәа иаҳа иҕәҕәахап ҳәа игәыҕуеит.

«Евро-2024  аҿы ихәмарра бзиа абзоурала,  ақырҭуа ашьапылампыласҩы ихә шьҭыҵит », — иануп  GiveMeSport аҿы.

Италиатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, анеҩстәи асезоназ Ачемпионцәа рлигаҿ ахәмарра азин зауз  «Болониа»,  Джошуа Зиркз дзыҧсахша ахәмарҩы ишьҭоуп,  варианк аҳасабала Гьаргь Микаутаӡе итрансфер иахәаҧшуеит.