Гитанас Науседа - Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили слацәажәан, Қырҭтәыла адемократиа шьҭахьҟа ацара иазкны агәыԥжәара аасырԥшит
Гитанас Науседа - Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили слацәажәан, Қырҭтәыла адемократиа шьҭахьҟа ацара иазкны агәыԥжәара аасырԥшит

Лиетува ахада Гитанас Науседа  Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ҭелла длацәажәиет. Ари атәы Науседа асоциалтә каҭа Х аҿы ааицҳит.

„Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили слацәажәан, Қырҭтәыла адемократиа шьҭахьҟа ацара иазкны агәыԥжәара аасырԥшит. Қырҭтәыла беларустәи асценари еиҭамҩаԥыргар ҟалоит. Лиетува Қырҭтәыла адемократиатә алхрақәа рымҩаԥгара иазку Европарламент арезолиуциа адгылоит.

Лиетува европатәи амҩаҿ ақырҭуа жәлар рыдгылоит. Алалара иазку аиҿцәажәарақәа раанкылара Урыстәыла аинтересқәа ирылоуп”, – иҩит Науседа.