Гиорги Вашаӡе - Ашәарҭақәа ҳхы ақәымшәар азы ҳаидгылароуп, абри ауп ҳпозициа
Гиорги Вашаӡе - Ашәарҭақәа ҳхы ақәымшәар азы ҳаидгылароуп, абри ауп ҳпозициа

Ҳрегион аҿы аҭагылазаашьа цәгьоуп, Қырҭтәыла атәылауаа рзы зегь реиҳа ихадоу  аҭынчреи ашәарҭадареи рыхьчара ауп. Ари азы аконсолидациа, аидгылара, Евроеидгыла ирласӡаны алаларазы иконкрету ашьаҿақәа рыҟаҵара аҭахуп, – иҳәеит Гиорги Вашаӡе апарламент апленартә аилатәара аҿы.

Вашаӡе иажәақәа рыла, анапхгара Бриуссель авизит еицымҩаԥгара иазкыз аоппозициаа ражәалагала мап ацәыркит.

„Европа Қырҭтәыла даҽакала иахәаԥшуа алагар, ҳара акзаара иаҳдырбароуп, ари акзаара мап ацәаҳкуеит. Атәыла аҩнуҵҟа аӷа иԥшаара иаҿу иарбанзаалак аполитикатә мчы, дарбанзаалак ауаҩы,  ари акзаара даҿагылоит. Уи Қырҭтәыла аӷа иоуп”, – иҳәеит Вашаӡе.

Вашаӡе иажәақәа рыла, анапхгаратә гәыԥ аоппозициаа иконкрету ашьаҿақәа рыднагалароуп, аха Евроеидгылаҿ Қырҭтәыла аинтеграциа ихадоу аԥкра “Ақырҭуа гәахәтәы” ауп.