Гиорги Вашаӡе амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак ирҭбаау аформат аԥҵареи, уи аоппозициаа рхаҭарнакәеи рҽалархәреи идҵаны иқәиргылоит
Астратегиа “Аӷмашенебели” алдер Гиорги Вашаӡе амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак ирҭбаау аформат аԥҵареи, уа аоппозициаа рхаҭарнакәеи рҽалархәреи идҵаны иқәиргылоит.
Иахьа имҩаԥиигаз апрессконференциаҿ Вашаӡе ишазгәеиҭаз ала, урыстәылатәи агрессиа иахырҟьаны, адунеи амш аусхәаԥштәи агеополитикатә ҭагылазаашьеи даара иԥсаххеит, абри еиԥш аҭагылазаашьаҿ хазы иҟоу аполитикатә мчы Қырҭтәылазы аҭынчра агарант аҟазаара алшом.
Вашаӡе ишазгәеиҭаз, аҭынчра агарантиас ҟалар алшоит амилаҭтә акзаара, аполитикатә мчқәа реидгылара, ииашоу ашьаҿақәа рыҟаҵара.
„Убри аҟынтә, Иракли Ӷарибашвилии Иракли Коабхиӡеи рахь ааԥхьара ҟасҵоит амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак ирҭбаау аформат аԥҵаны, уи аоппозициаа рхаҭарнакәеи рҽалархәра аӡбара рыдыркыларц. Уажәы ҳпартниорцәеи ҳареи атәыла аинтересқәа ирзыԥхьагәатаны ашьаҿақәа еицыҟаҳҵароуп. Ари аныҟаҳамҵа ашәарҭа ду ҳақәшәар ҟалоит. Уаҵәашьҭахь Бриуссель ҳдәықәлоит, уа аиԥыларақәа мҩаԥаагоит. Қырҭҭәылаҟ Украинантә саҭааит, избан акәзар европатәи пҳпартниорцәа ҳарҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра ҩпозициак амоуп, ҩҽык ирықәтәоуп, абри анагӡаьа амам ҳәа,” – иҳәеит Вашаӡе.