Гиорги Тҟемалаӡе - Қарҭтәи амуниципалитет украинатәи ажәлар рыцхырааразы аҭыԥантәии жәларбжьаратәии аҩаӡараҿ акымкәа ихадароу адгыларатә уснагӡатәқәа мҩаԥнагеит
Гиорги Тҟемалаӡе - Қарҭтәи амуниципалитет украинатәи ажәлар рыцхырааразы аҭыԥантәии жәларбжьаратәии аҩаӡараҿ акымкәа ихадароу адгыларатә уснагӡатәқәа мҩаԥнагеит

Қарҭтәи амуниципалитет украинатәи ажәлар рыцхырааразы аҭыԥантәии жәларбжьаратәии аҩаӡараҿ акымкәа ихадароу адгыларатә уснагӡатәқәа мҩаԥнагеит, – иҳәеит Қарҭтәи Сакребуло ахантәаҩы Гиорги Тҟемалаӡе Қырҭтәыла иҟоу Украина аусқәа аамҭалатәи ахаҭарнак иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Қарҭтәи амҩа ккраинатәи афырхацәа рыхьӡ ахаҵара иадҳәаланы Гиорги Тҟемалаӡе ишазгәеиҭаз, арҭ амзқәа рзы Қырҭтәыла Украина ацҳаражәҳәаҩ иаашьҭра апроцедура ихыркәшароуп, ури аизыҟазаашьақәа рҭыԥқәҵара ԥыҭрак ацхраауеит.

“Ацҳаражәҳәаҩ иқәыргылара ашьҭахь ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа ирышьашәалоу иарбанзаалак азҵаара ахцәажәареи аӡбара адкылареи рзы ҳахиазаауеит”, – иҳәеит Тҟемалаӡе