Изакәанымкәа абџьар аахәара-аҵәахразы абахҭа иҭакыз Гиорги Руруа ихы дақәиҭуп. Уи иахьа абахҭа дҭыҵит.
Саломе Зурабишвили Гиорги Руруа ашьауӷа ихыхра азы акт лнапы аҵалҩит. Ахада Зурабишвили мышқәак раԥхьа иҟалҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, ашьауӷа ахыхразы акт иахьа лнапы аҵалҩыр акәын. Иахьа аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа апарламент ахь инеит. Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель идокумент рнапы аҵазҩыз аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа апарламент ахь иахьа инеит.
Гьaргь Руруa 2019 шықәсa aбҵaрa 18 рзы дaaныркылеит.