Гига Очхикиӡе параолимпиатә хәмаррақәа рҿы аиааира игеит - ақырҭуа параспортсмен адунеи арекорд шьақәиргылеит #1TVSPORT
Париж имҩаҧысуа 2024 шықәсатәи параолимпиатә хәмаррақәа рҿы ақырҭуа параатлетхьанҭа Гига Очхикиӡе аихампыл аршәраҿы ахьтәы медаль игеит – ақырҭуа параспортсмен адунеи арекорд шьақәиргылеит, иара аихампыл 9,66 метр иршәит.
Убри ала, сынтәатәи параолимпиатә хәмаррақәа рҿы Қырҭтәыла аизга раҧхьатәи ахьтәы медаль азааигеит.
Париж, ақырҭуа аизга иахьанӡа аџьазтә медаль заҵәык аман.