Гига Бокериеи Ҭамар Черголеишвилии апартиа "Европатәи Қырҭтәыла" аанрыжьит
Гига Бокериеи Ҭамар Черголеишвилии апартиа "Европатәи Қырҭтәыла" аанрыжьит

Гига Бокериа  “Европатәи Қырҭтәыла” ахантәаҩы иҭыԥи апартиеи аанижьит. Ари атәы уи имҩаԥигаз абрифинг аҿы ааицҳаит.

Бокериа иажәақәа рыла, апартиаҿ апраимериз амҩаԥгара аҵас аиҿагылара ду ахылҵит.

“Европатәи Қырҭтәылаҿ” апраимериз апрцесс хыркәшеит. Сгәы шаанаго ала, ари Қырҭтәыла аполитикатә культураҿ аҵак ду змоу прецедентуп. Аха ари апроцесс апартиа аҩныҵҟа аиҿагылара ду ахылҵит, џьоукы, саргьы урҭ рыгәҭа, апраимериз алҵшәақәа иргәамԥхеит. Сара аҩбатәи асиа садгылон. Ҳпартиа алхрақәа рҿы ақәҿиара дуқәа раиура алшон, аха гәыԥҩык апартиа алахәылацәа, амаӡаныҟәгаҩ хада аҭагылазаашьа даҽакала иахәаԥшуеит. Аиҿагылара ду аҟалеит, убри аҟынтә апартиа ахантәаҩы иҭыԥ аансыжьуеит”, – иҳәеит Гига Бокериа.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, апартиа аанлыжьит Ҭамар Черголеишвилигьы.