Гига Бокериа -  Ника Мелиеи Елене Хоштариеи Қарҭ ахадеи Сакребуло ахантәаҩи рҭыҧқәа рзы акандидатцәа раҳасабала ҳрылацәажәоит
Гига Бокериа -  Ника Мелиеи Елене Хоштариеи Қарҭ ахадеи Сакребуло ахантәаҩи рҭыҧқәа рзы акандидатцәа раҳасабала ҳрылацәажәоит

Ника Мелиеи Елене Хоштариеи Қарҭ ахадеи Сакребуло ахантәаҩи рҭыҧқәа рзы акандидатцәа раҳасабала ҳрылацәажәоит, — ааицҳаит «Европатәи Қырҭтәыла» ахантәаҩы  Гига Бокериа.

«Ҳара Қарҭи атәыла егьырҭ ақалақьқәеи рхадацәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа рзы ҳаиқәшаҳаҭхоит иааиуа амшқәа рзы. Раҧхьа иргыланы, Қарҭ ауп ҳазлацәажәо.  Қарҭ ахадеи Сакребуло ахантәаҩи рҭыҧқәа рзы акандидатцәа раҳасабала ҳрылацәажәоит Ника Мелиеи Елене Хоштариеи ркандидатурақәа. Мышқәак рыҩнуҵҟала аҵыхәтәантәи аӡбара ҳадаҳкылоит», — иҳәеит аполитик.