Гига Бокериа - "Ақырҭуа гәахәтәы" ахаҭарнакцәа адокумент анапы аҵарҩыргьы, сара анапы аҵаҩра сгәы иҭам
“Европатәи Қырҭтәыла” алидерцәа руаӡәы Гига Бокериа иажәақәа рыла, “Ақырҭуа гәахәтәы” ахаҭарнакцәа адокумент анапы аҵарҩыргьы, сара анапы аҵаҩра игәы иҭам.
Ари атәы Бокериа ааицҳаит “Тв пирвели” аефир аҿы.
“Амедиатори атәыла акрихис аҟынтә алгара зҭаху зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит.
Изаамҭаным алхрақәеи аполитбаандҩцәа рхақәиҭтәреи ҟамларц, атәылаҿ аполитикатә климат иԥсаахом, аплитикатә кризис иҭышәынтәалахом, алхрақәа рыгәрагара еиҭашьақәгылахом, хара имгакәа ари зегьы алҵшәа бааԥс ҳзаанагоит. Убри аҟынтә ҳԥартниорцәа рҟны аусеицура анагӡара ҳгәы иҭоуп,” – иҳәеит Бокериа.