Ҳара аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәеи изаамҭаным апарламенттә алхрақәеи реидҳәалара ҳақәшаҳаҭым. Аконкреттә рыцхә ала ишиашоу аиқәшаҳаҭра иҟазароуп, мамзаргьы аплебисцит. Аоппозициаа рҳәатәы еиқәымшәар, апринциптә ҵакы змоу азҵаразы ҳзеиқәшаҳаҭхом», — иҳәеит «Европатәи Қырҭтәыла » алидер Гига Бокериа.
Иахьа Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель идокумент ҿыц аладырҵәеит. Қырҭтәыла аполитикатә кризис аҭыҧқәҵара иазку адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, сынтәа ҭагалан имҩаҧысуа ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» апропорциатә системала 43 наӡына рмоур, атәылаҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахоит.