Гиа Вольски  - Хазараӡе егьа иҳәаргьы, апарламент аизареи аусура анагӡареи азыҳәан азинтә ашьаҭа амоуп
Гиа Вольски  - Хазараӡе егьа иҳәаргьы, апарламент аизареи аусура анагӡареи азыҳәан азинтә ашьаҭа амоуп

 

Хазараӡе егь иҳәаргьы, апарламент аизареи аусура анагӡареи азыҳәан азинтә ашьаҭа амоуп, – иҳәеит апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.

Вольски акаолициа  „Қырҭтәыла ҕәҕәа“ алидер Мамука Хазараӡе асиақәа раҧыхреи амандатқәа рышьҭаҵареи иазкны аоппозициаа рахь иҟаиҵаз ааҧхьара дахцәажәеит.

„Адәахьала  ҳахәаҧшыр, апарламент алегитимациа аиуеит аоппозициаа ирҳәо инақәыршәаны. Аиҵараҿы иаанхо, апарламент алаларазы мап зкуа иарбанзаалак аган аҳәарала изаамҭаным алхрақәа мҩаҧгазароуп ҳәа рҳәеит.  Ажәлар даҽакоуп ирҭахуп. Ажәлар абри аҩыза апроцессқәа рҭахым. Ҳәарада, ҳара ажәлар ргәазыҳәара наҳагӡоит. Хара имгакәа, апарламент, закәанла, ишахәҭоу еиҧш аусура иалагоит.

Гварамиа ҳаизыӡырҩыр, ак згәамҧхо аоппозициа иарбаназаалак атәылаҿы, иарбанзаалак адемократиаҿы, апарламент аусура иаҧырхагахар алшоит. Уи ииашам. Азакәан ала уи иазҧхьагәаҭам. Апарламент аизареи аусура анагӡареи азин  амоуп.  Хазараӡе егь иҳәаргьы, апарламент аизареи аусура анагӡареи азыҳәан азинтә ашьаҭа амоуп“, – иҳәеит Гиа Вольски.