Гиа Вольски – Урыстәылатәи атанкқәа  700 метр рыла Қарҭ иазааигәаны иангылоу аамҭазы арбџьармчқәа рзы ацхыраара армаҷреи ареитинг змам  иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа миллионла аҧара  рыҭареи -  илахьеиқәҵагоу лабҿабароуп
Гиа Вольски – Урыстәылатәи атанкқәа  700 метр рыла Қарҭ иазааигәаны иангылоу аамҭазы арбџьармчқәа рзы ацхыраара армаҷреи ареитинг змам  иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа миллионла аҧара  рыҭареи -  илахьеиқәҵагоу лабҿабароуп

«Аахыҵ Кавказаҿ апозициақәа рырҧсыҽреи, азыҟаҵарақәа раҧыхреи, ақырҭуа арбџьармчқәа рыцхырааразы мапкреи амшала, зегьы реиҳа ишәарҭоу аган  — Урыстәыла – аҧыжәара ду аиуеит», — иҳәеит апарламент актәи авице-спикер  Гиа  Вольски.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа импыҵахаланы ианыҟоу,  Урыстәыла агрессиатә политика зегьы реиҳа идуу ашәарҭара анахылҵуа,  арбџьармчқәа рзы ацхыраара армаҷреи ареитинг змам  иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа миллионла аҧара  рыҭареи –  илахьеиқәҵагоу лабҿабароуп .

«Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа имыпҵахаланы ианыҟоу,  Урыстәыла агрессиатә политика зегьы реиҳа идуу ашәарҭара анахылҵуа,  убри аамҭазы арбџьармчқәа рхыҧхьаӡара армаҷреи ареитинг змам иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа миллионла аҧара рыҭареи ҟалома.  Уи илахьеиқәҵагоу лабҿабароуп», — иҳәеит  Гиа Вольски.

Иара иажәақәа рыла,  Қырҭтәылагьы,  инеизакны Аахыҵ Кавказаҿгьы зегьы реиҳа ишәарҭоуп урыстәылатәи афактор,  убри аамҭазы арратә азыҟаҵарақәа раҧыхра – Қырҭтәыла аганахьала адемарш мацара акәымкәа,  апозициақәа рырҧсыҽрагьы иаанагоит.