Гиа Вольски - Лавров  Урыстәыла аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны ауп аҳәамҭақәа шыҟаиҵо,  ҳара ҳзы Қырҭтәылантә арбџьармчқәа ралгароуп ихадоу
Гиа Вольски - Лавров  Урыстәыла аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны ауп аҳәамҭақәа шыҟаиҵо,  ҳара ҳзы Қырҭтәылантә арбџьармчқәа ралгароуп ихадоу

«Лавров  Урыстәыла аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны ауп аҳәамҭақәа шыҟаиҵо  — Аахыҵ Кавказаҿ рпозициақәа рыхьчар рҭахуп. Дара Абжьартә корридор ауп изызҿлымҳау. Ҳара ҳзы Қырҭтәылантә арбџьармчқәа ралгароуп ихадоу», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер  Гиа Вольски Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәамҭа данахцәажәоз.

Вольски игәаанагарала, ари аҳәамҭа цәгьам, избанзар, абасоуп зегьы реиҳа иуадаҩу апроблемақәа рыӡбара ишалаго.

«Ҳәарада, Урыстәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ  астратегиатә позициа амазар аҭахын, дара хықәкыла ачарҳәара ҟарҵеит. Ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара ашьҭахь, рхьыҧшымрагьы иазхарҵеит. Ҳәарада, Урыстәыла абарҭ аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи Аахыҵ Кавказаҿ ахатә позициақәа рыхьчареи аҭахуп. Ҳәарада, абри зегьы шәарҭарас иахылҵуа аадыруеит. Аха, ҳара, абарҭ ахҭысқәа ҳхатә ракурсла ҳрыхәаҧшроуп. Ҳинтересқәа иазҧхьагәаҭаны ҳхы мҩаҧаагароуп.

Лавров  Урыстәыла аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны ауп аҳәамҭақәа шыҟаиҵо  — Аахыҵ Кавказаҿ рпозициақәа рыхьчар рҭахуп.  Знымзар-зны амч дуқәа рыбжьара аиҿцәажәарақәа мҩаҧгахап ҳәа ҳгәыҕуеит. Урыстәыла  Абжьартә корридор ауп изызҿлымҳау. Ҳара ҳзы Қырҭтәылантә арбџьармчқәа ралгароуп ихадоу.   Ишыҟазаалакгьы, раҧхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵатәуп. Лавров иҳәамҭа цәгьам, избанзар, абасоуп зегьы реиҳа иуадаҩу апроблемақәа рыӡбара ишалаго. Абри аҩыза ашьаҿа ада аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара зыҟалом, амч ахархәарала акәымкәа», — иҳәеит Гиа  Вольски.