Гиа Вольски – Ҳара аоппозициаа рҟны аусеицуразы хаангьы мап ҳамкыцт, аха, есымша иҳаҳауа аультиматум ала аинаалара зыҟалом
Ҳара аоппозициаа рҟны аусеицуразы хаангьы мап ҳамкыцт, аха, есымша иҳаҳауа аультиматум ала аинаалара зыҟалом, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.
Вольски ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Америка ахада иҧшьгарала имҩаҧгаз асаммит аҿы Саломе Зурабишвили лықәгылара данахцәажәоз. Қырҭтәыла ахада илҳәеит: « Сара амилаҭтә аҩаӡараҟны аинклиузивтә процесс сшалаго азы ажәа шьҭасҵоит, ҳазхысыз аҭоурых иаҳа еиҕьны аилкаареи ҧхьаҟацареи азыҳәан ажәлар зегьы адиалог иалахәызаауеит».
«Ҳара аоппозициаа рҟны аусеицуразы хаангьы мап ҳамкыцт, аха, есымша иҳаҳауа аультиматум ала аинаалара зыҟалом. Дара ишырҳәо ала, Саакашвили доужьҭны, изаамҭаным алхрақәа мҩаҧганы, амчра раҳҭароуп, убасҟан ауп аинаалара ианақәшаҳаҭхо. Дара аилаҩынтәреи ареволиуциеи ауп изызҿлымҳау. Ҳара уи еиҧш алшара раҳҭом. Егьи абжьарахь, алхыҩцәа иҳанаршьаз амандат инақәыршәаны, аусеицура ҳазыхиоуп», — иҳәеит Гиа Вольски.