Гиа Вольски - Ауаҩы ауааҧсыра рыҧсра, аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара уҳәа, атәыла абри аҩыза ҧырхага азааигазар, аполитика аҽалагалара азин иҭатәым, уи абжьааҧнытә стандартуп
Иарбанзаалак европатәи атәылаҿ аиааира зго апартиа атәыла хәҭак ампыҵахалара зхароу, аҕа астратегиатә обиектқәа изҭаз, атәыла аҿаҧхьа ацәгьаурақәа ҟазҵаз аполиткиатә мчы иаҿагылоит, – иҳәеит апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.
Вольски иажәақәа рыла, партиақәак анапхгара аиуразы аперспектива зрымам иҳәатәуп.
„Иарбанзаалак европатәи атәылаҿ аиааира зго апартиа атәыла хәҭак ампыҵахалара зхароу, аҕа астратегиатә обиектқәа изҭаз, атәыла аҿаҧхьа ацәгьаурақәа ҟазҵаз, насгьы, иахьагьы атәылаҿ аилаҩынтәра аиҿкаарала иқәмақаруа аполиткиатә мчы иаҿагылоит. Абри аҩыза аполитикатә мчы аҭакҧхықәра агара ақәшәоит, аха, иахьа иаартны иҳәатәуп изакәытә ацәгьауроу иҟарҵаз, ари ма абни аполитикатә мчы анапхгара аиура аперспектива замам. Уи абжьааҧнытә азинтә стандартуп. Ауаҩы ауааҧсыра рыҧсра, аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара уҳәа, атәыла абри аҩыза ҧырхага азааигазар, аполитика аҽалагалара азин иҭатәым, уи абжьааҧнытә стандартуп“, – иҳәеит Вольски.