Гиа Вольски – Атехникатә гха ҕәҕәала иазгәаҭатәуп, аха, уи аиҳабыра рполитика аанарҧшуам
«Ахсаала аҧшра саргьы исгәамҧхеит, избанзар, ареалтә фактқәа рышьаҭала имҩаҧгаз апропагандатә ақәгылараан ахсаалаҿы Қырҭтәыла аҵакырадгьыл еилыкка иазгәаҭамызт, сареи сҩызцәеи уи ҳзақәшаҳаҭхом», – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.
Вольски Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили абрифинг аҿы ицәыригаз ахсаала иазкны иазҵааит, ари ахсаалаҿы Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа еилыкка иубарҭамызт.
Вольски ишиҳәаз ала, адизаинерцәа агха рыхьит, аха, иахьа ари азҵаара иалацәажәо ауаа роуп ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи ауаа рҭахареи зхароу.
«Иахьа арҭ ауаа иқәгыланы, аҳәара иаҿуп ахсаалаҿы импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа цқьа иубарҭам ҳәа. Даргьы ибзианы еилыркаауеит аҧштәы цәыш аекранаҿ цқьа ишубарҭам, уи бзиам, адизаинерцәа агха рыхьит, аха, зыхшыҩ аҭыҧаҿ иҟоу аполитик хықәкыла уи ҟаиҵозма? Т Насгьы, арҭ атерриториақәа Урыстәыла иазҭаз ауаа ргәы иахәарц.
Иахьа ари азҵаара иалацәажәо ауаа роуп ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи ауаа рҭахареи зхароу. Адизаинерцәа агха рыхьит. Атехникатә гха ҕәҕәала иазгәаҭатәуп, аха, уи аиҳабыра имҩаҧырго аполитика аанарҧшуам», – иҳәеит Гиа Вольски.