Гиа Вольски  - Арадикалтә оппозициа ҳасабтәк ауп ирымоу  - ишыҟазаалак,  Қырҭтәыла аилаҩынтәра апроцесс аҽаланагалар рҭахуп,  уи асоциалтә усхкы иаахоит,  абри ауп дара хықәкыс ирымоу
Гиа Вольски  - Арадикалтә оппозициа ҳасабтәк ауп ирымоу  - ишыҟазаалак,  Қырҭтәыла аилаҩынтәра апроцесс аҽаланагалар рҭахуп,  уи асоциалтә усхкы иаахоит,  абри ауп дара хықәкыс ирымоу

Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер  Гиа  Вольски иҳәамҭала,  арадикалтә оппозициа ҳасабтәк ауп ирымоу  – ишыҟазаалак,  Қырҭтәыла аилаҩынтәра апроцесс аҽаланагалар рҭахуп. Вольски игәаанагарала, аилаҩынтәра асоциалтә усхкы иаахоит,  абри ауп дара ирҭаху.

«Апарламент азинмчы азхаҵаразы  89 акәымкәа,  76  мандатқәа аҭахуп. Иахьазы  арадикалтә оппозициа ҳасабтәк ауп ирымоу  – ишыҟазаалак,  Қырҭтәыла аилаҩынтәра апроцесс аҽаланагалар рҭахуп. Ашьакаҭәареи Маидантәи асценари аҟынӡа  иназгаша аиҿагылара ҟаларцаз ирылшо зегьы ҟарҵоит, абри ауп  Қырҭтәыла иаҭааиз жәларбжьаратәи ҳпартниоцәақәакгьы ирыбжьарго», — иҳәеит  Гиа Вольски.