Гиа Вольски - OSCE/ODIHR  аихшьаалаҿы иазҧхьагәаҭатәу азҵаарақәа иҟоуп, аха OSCE/ODIHR-и Қырҭтәылеи  иашьашәалоу астрауктурақәа активла изхәаҧшыша азҵаарақәагьы иҟоуп
Гиа Вольски - OSCE/ODIHR  аихшьаалаҿы иазҧхьагәаҭатәу азҵаарақәа иҟоуп, аха OSCE/ODIHR-и Қырҭтәылеи  иашьашәалоу астрауктурақәа активла изхәаҧшыша азҵаарақәагьы иҟоуп

 

OSCE/ODIHR  аихшьаала,  ганкахьала ибзиоуп,  аха, егьы аганахьала,  иазҧхьагәаҭатәу азҵаарақәа иҟоуп. Аха,  OSCE/ODIHR-и Қырҭтәылеи  иашьашәалоу астрауктурақәа ҳара ҳаззықәшаҳаҭхаз азҵаарақәа интенсивла рыхәаҧшра ҳалагоит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.

„Зҵаарақәак ҳрықәшаҳаҭуп, зҵаарақәак ҳрықәшаҳаҭым. Аконсультациақәа алҵшәас иаҳзаарго ҳбап.  OSCE/ODIHR уи азы Адәныҟатәи аусқәа рминситрра иадҵаалахьеит. Иарбан зҵаарақәоу ҳаззықәшаҳаҭымхо? Иаҳҳәап, Алхратә комиссиа хада иаднакыло аӡбара  2/3 апозициа иахьыҧшызароуп ҳәа рҳәеит, уи ҳзақәшаҳаҭхом. Усҟан, аполитикатә хықәкқәа змоу аоппозициаа ирҭахымхар, зынӡаскгьы аӡбара адкылара ҳалымшар ауеит. Агәрагара амаҷхара ҳалацәажәозар, ааи, агәрагара адефицит убарҭоуп, аха, уи бжеиҳарала,  ареалтә ҭагылазаашьа акәымкәа, аполитикатә интересқәа ирхьыҧшуп. Реалра зынӡаскгьы даҽа ҭагылазаашьак ауп иҟоу. Қырҭтәыла европатәи тәылоуп, ауааҧсыра реиҳара евроинтеграциа иадгылоит“, – иҳәеит Гиа Вольски.