Гиа Вольски - Макрони Биӡина Иванишвилии рыбжьара аинтерес ду злаз аиҿцәажәара мҩаԥган
«Абри еиԥш аҩаӡара змоу аиҿцәажәарақәа раан ганк аиаара агара иазку аспекулиациақәа ииашам, ирелевантым», — иҳәеит апарламент авице-спикер Гиа Вольски Биӡина Иванишвилии Еммануел Макрони ҭелла реиҿцәажәара данахцәажәоз.
Вольски иажәақәа рыла, аиӡцәажәараҿ аганқәа ихадоу зҵаара игылан – Қырҭтәылеи арегиони рҿы аҭышәынтәалара ахьчара азҵаара.
«Ари Франциеи Евроеидгылеи ринтересқәа ирылоуп. Раԥхьаӡа иргыланы, ари Қырҭтәыла аинтересқәа ирылоуп. Сааҭк инагӡоз аиҿцәажәараан еиуеиԥшым зҵаарақәа ирыхәаԥшит. Алхрақәеи, Саломе Зурабишвилии рызҵаара игыламызт. Абри еиԥш аҩаӡара змоу аиҿцәажәарақәа раан ганк аиаара агара иазку аспекулиациақәа ииашам, ирелевантым. Макорни Биӡина Иванишвилии рыбжьара аинтерес ду злаз аиҿцәажәара мҩаԥган, урҭ ахадара ду злоу азҵаарақәа ирыхәаԥшит», — иҳәеит Вольски.
Франциа ахада иинициативала, «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвилии Еммануел Макрони ҭелла еицәажәеит.