Гиа Вольски – Изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгара иазку аҳәара ашьаҭа амам, аиҳабыра алегитимациа рымоуп, уи шьақәдырҕәҕәеит жәларбжьаратәи анаҧшҩцәа  
Гиа Вольски – Изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгара иазку аҳәара ашьаҭа амам, аиҳабыра алегитимациа рымоуп, уи шьақәдырҕәҕәеит жәларбжьаратәи анаҧшҩцәа  

Апарламент авице-спикер  Гиа Вольски иҳәамҭала, изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгара иазку аҳәара ашьаҭа амам, избанзар, алхрақәа ҧаршеимызт, ус шакәым аӡәгьы ишьақәимырҕәҕәеит.

«Жәларбжьаратәи аструктурақәа зегьы иазхарҵеит алхрақәа раан аилагарақәак шыҟазгьы, алхрақәа рылҵшәақәа иахьатәи аиҳабыра рлегитимациа шеиқәдыршәаз. Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада ари азҵааразы игәаанагара иҳәеит, иара аганқәа зегьы ирыбжьеигеит атәыла аиҳабыра рҟны адиалоги аиҿцәажәарақәеи мҩаҧыргарц. Иара убас, аиҳабыра рахьгьы абри аҩызаҵәҟьа аҳәара ҟаиҵеит. Аиҳабыра алегитимациа  рымоуп, уи шьақәдырҕәҕәеит жәларбжьаратәи анаҧшҩцәа », — иҳәеит  Гиа Вольск.